Гостиница Рица

Аҟәа ахаҿырбага ҭыҧ ҷыдақәа

botsadАҧсшьара аамҭа аилашымҭа. Дасу игәабзиара аиӷьтәразы, иҧсшьара ишахәҭоу ахгаразы дахьцаша дазхәыуеит. Зны заҵәык адамхаргьы Аҟәа иаҭааз, даҽаџьара ацара уаҳа деиламауа дҟалом. Уи зыбзоуроу аҳауа џьашьахәи, иҧхаӡа иҟоу амшынӡи, афатә хазынақәеи рымацара ракәӡам. Аҟәа беиоуп иџьашьахәу ахатәы ҭыҧ ҷыдақәа рыла.

Ақалақь агәадура – Аботаникатә баҳча

Ақалақь агәҭаны инашьҭуп аботаникатә баҳча, уи ахьӡ-аҧша Кавказ аҳәаақәа ирҭыҵуеит, иара аҵиаа лыҧшаахқәа рыӡбахә Европа инаӡахьеит. 5 нызқь хкы иреиҳаны ара изызҳауа адунеи зегьы аҟнытә еизгоу аҵиаақәа рбарц азы арахь иаауеит хыҧхьаӡара рацәала мраҭашәарантәи атуристцәа. Аҧсны иаҭаауа зегьы неиуеит ирбарц азы 160 шықәса инеиҳаны изхыҵуа ари Аботаникатә баҳча. Аҟәа азҧагьоуп 250 шықәа ара изызҳауа Кавказтәи аҭәаҵла ала.
Аботаникатә баҳча бзианы ирдыруеит аҳәаанырцәтәи асасцәагьы, убри аҟнытә екскурсиак аҳасабала еиуеиҧшым атәылақәа рыҟнытә арахь иаҭаауеит атуристцәа.

 

Амаамынқәа рааӡарҭа

Адунеи зегьы аҿы еицырдыруеит Аҟәа иатәу даҽа ҭыҧ ҷыдак – уи амаамын ааӡарҭа ҭыҧ ауп. Иблахкыгоу ашьхаҿы уи аҭыҧ ахьеиҿкаау еиҳагьы иарҧшӡо иҟалеит. Амаамын ааӡарҭа иргылеит 1927 ш. азы аурыс ҵарауаҩ А.А. Остроумов. Ара иҟоуп хкы рацәала еилаҧсоу амаамын хылҵшьҭрақәа (300 инареиҳаны). Аҟәа адунеи аҿы раҧхьаӡа акәны иргылан амаамын абаҟа.

Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәа

Аҟәа зегьы раасҭа иблахкыгоу ҭыҧны иҟоуп – аҧшаҳәа. Зегьы раасҭа иҧшӡоу, еинаалоу асасааирҭа «Риҵа» зҵазкуа аҭыҧ аҟны уаанҿасыр, ақалақь егьырҭ аҭыҧ лыҧшаахқәа зегьы уааигәа иҟалоит. Ари иџьашьахәу аҧшаҳәа ргылан ХХ ашәышықәса алагамҭазы. Ара иааигәаны ишьҭоуп Аконституциа ашҭа, амшын авокзал ахадара, апоет ду Есенин дахьаанҿасхьаз «Россиа» захьӡыз асасааирҭа.

Егьырҭ аҭыҧ лыҧшаах ҷыдақәа

Аҟәа аҭыҧ ҧшӡарақәа зегьы реиқәыҧхьаӡара акырӡа иуадаҩуп, избан акәзар араҟа аҭыҧқәа зегьы ҧшӡоуп. Иаҳҳәап, Аҭынчра амҩаду аҟны улаҧш адхалоит абааш сааҭ дуӡӡа зхагылоу ақалақь ахадара зыҩноу ахыбра. Леон имҩаду Аҧсны зегьы раасҭа иҧшӡоу мҩоуп. Уи амшын аҟны зышьаҭа кны ашьханӡа инаӡо иҟоуп. Ара анаиааира агәахәара ду унаҭоит, иара убас ара изызҳауа апальмақәа, алеандрқәа, егьырҭ аиаҵәара хкқәа амҩаду иахарҵоит ҧштәы рацәала еилыбзаауа ацәа лыҧшаах.