Гостиница Рица

Аҧсны зегьы раасҭа аромантика зныҧшуа асасааирҭа!

sukhum ritsa

Асасааирҭа «Риҵа» - Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу, аромантика зныҧшуа сасааирҭоуп. «Риҵа» аартын 1914 ш. азы, убри инаркны иҟалеит иара Аҟәа ахаҿра иасимволны, иахьагьы еиқәханы иҟоуп 20-тәи ашәышықәсазы иамаз аиҿкаашьа лыҧшаах.
2014 шықәсазы асасааирҭа иазгәанаҭоит шәышықәса ахыҵра. Ари аиубилеи инамаданы, сынтәа, есымза асасааирҭа ахолл аҿы имҩаҧыслоит еицырдыруа аҧсуа асахьаҭыхыҩцәеи афотоҭыхыҩцәеи русумҭақәа рцәыргақәҵа. Абас, мшаҧымзазы, ара еиҿкаан зҟыбаҩ бзиоу аҧсуа фотограф Ибрагим Ҷкадуа ифотоцәыргақәҵа «Модерн».
Афотопроект шьаҭас иазыҟалеит «Модерн» астиль ала иаҧҵоу Русудан Кобиакова иаҧылҵаз аҳәса рышәҵатәы аколлекциа. Ибрагим Ҷкадуа зеиӷьаҟам ифотоҭыхымҭақәа Модерн астиль ала иаадыртуеит убла хнакратәы иҧшӡоу адунеи.

Ари апроект аҿы ашәҵатәқәа зегьы ирныҧшуа иҟаҵоуп 20-тәи ашықәсқәа рзы аҧыжәара змаз Арт-Деко аамҭазтәи, уи аҧхьа иҟаз Ар-Нуво рстильқәа, «Афотоҭыхымҭақәа цәыргоуп афото ақьаад аҿы акәымкәа ицәааку абырфын ала.

Амодерн астиль европатәи, америкатәи аҟазарцәа рҿы ицәырҵит XIХ ашәышықәса анҵәамҭазы ХХ ашәышықәса алагамҭазы. Аҧсны амодерн астиль ацәырҵра адҳәалоуп ХХ ашәышықәса алагамҭазы Урыстәылатәи аимпериаҿы ааглыхра арҿиареи Кавказтәи Амшын Еиқәа аҿықә зегьы иҧсшьарҭа ҭыҧны аҟаҵареи, акурорт арҿиареи рус анцоз аамҭаз. Аҧсны амодерн астиль алагалаҩ хада иоуп ҳәа, хымҧада, изуҳәар ҟалоит Ольденбургтәи апринц, уи иара иоуп Шагра аҳауа еилкаагатә станциа раҧхьа изыргылаз, иара убас Гагра аҿиара зауз акурортгьы. Иара ихаҭа иаҧшьгарала ауп Амодерн астиль ала иргылоу архитектуратә шедевр ақьафурҭа «Гагрыҧшь» амаҭәахәқәа хаз-хазы Норвегиантә Гаграҟа иаагны аибыҭара шыҟалазгьы.
Аҟәа иахьагьы еиқәханы иҟоуп ари астиль ала иргылоу ахыбрақәа. Урҭ шәышықәса зхыҵуа ахыбрақәа рҭоурых аҩныҵҟа аибашьрақәа маҷымкәа ирхыргеит. Амодерн астиль ауп, адунеиатә сахьаркыратә стильк аҳасабала Аҧсны архитектуреи аинтериери ирнубаало ирзынхаз, «асоциалисттә классицизм» атәы ҳамҳәозар.
Русудан Џьамила Кобиакова – аҳәса рышәҵатәы адизаинер, Москва иаӡәыкны аҧсылман маҭәа зӡахуа, аӡахра арҿиара амоделиер-конструктор, атехнолог, «С. Заицев амодазы Илабораториа» аушьҭымҭа – лдипломтә коллекциа иахьӡын «Аль-Магрит». Лара аколлекциа рацәа автор, есышықәса Москва имҩаҧысуа аҧсылман маҭәақәа ацәыргақәҵа алахәҩы лоуп.
Лхатәы хәаахәҭартә маркақәа – RUSIKO (адизаинертә маҭәа, прет-а-порте де люкс акласс иатәу ашәҵатәқәа) RUSIKObyJamilya (аҧсылман ҭыҧҳацәа рзы ашәҵатәы адизаинертә цәаҳәа).
Ибрагим Ҷкадуа – афотоҭыхҩы, аус рыциуеит акыр адырраҭаратә агенствақәа маҷымкәа, аҭыжьырҭақәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Франс-пресс, Коммерсант уб.иҵ. Уи анаҩсангьы инапы алакуп аӡыргаратәи асахьаркыратәи афотоҭыхрақәа. Хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа 4 ҟаиҵахьеит, еиуеиҧшым ацәыргақәҵақәеи аконкурсқәеи ихы рылаирхәхьеит