Гостиница Рица

Асасааирҭа азы

387874550d12e2973d30627842370c2eАҧсны аҳҭнықалақь – атуристцәа иааиҧмырҟьаӡакәа изҭаауа қалақьуп. Џьоукы арахь иаауеит ицқьаӡа иҟоу Амшын Еиқәа аҿықәаҿы рыҧсы ршьарц, егьырҭ ақалақь аҿы еиқәханы иҟоу аҭоурых ареликвиақәа рбарц.
Абарҭ аҭагылазаашьақәа азгәаҭаны Аҟәа иаартуп комфортла еиҧшым асасааирҭақәа маҷымкәа. Зегьы иреиӷьу рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп асасааирҭа «Риҵа». Уи егьырҭ изларылукааша рацәоуп:
асасааирҭа ахаҭа рацәак идум жәытә хыброуп, убри аҟнытә иара ашҟа атруристцәа еснагь азҿлымҳара ду аадырҧшуеит;
• «Риҵа» иамоу аномерқәа рхыҧхьаӡара рацәаӡам, ауаҩы ҭынч, комфортла аҧсшьара илшоит;
• аномерқәа зегьы рҿы иҟоуп иласу аинтернет, ателедырраҭара, уа шәыҟанаҵы шәара ишәылшоит адунеи аҿы иҟоу ажәабжь ҿыцқәа зегьы рдырра, шәҭынхацәеи шәареи аимадара шәыбжьаҵара;
• аҭыӡҭыҧ маншәалоуп. Асасааирҭа ааигәа иҟоуп иреиӷьу акафе, афонтанқәа, атеатр, аботаникатә баҳча.

Асасааирҭа «Риҵа» аҿы иаанҿасуа ауаа зегьы Аҟәатәи аҭоурыхтә баҟақәа зегьы рбара акыр ирзыманшәалахоит.
Асасааирҭа рацәак идуӡам, аха уа иҟоуп зегьы иреиӷьӡоу акласс иаҵанакуа аномерқәа, апрезидент иномергьы уахь иналаҵаны. «Риҵа» аномерқәа рфонд аҿы иҟоуп – астандарт акласс иаҵанакуа ҭыҧк, ҩ-ҭыҧк змоу аномерқәа. Урҭ ауадақәа рҿы игылоуп акаруаҭ маншәалақәа, иахәҭоу аҩнымаҭәа, иара убас архьшәашәагагьы. Аҭааҩцәа ргәы ҟазҵо акәны иҟоуп аҧенџьырқәа рыҟнытә иаатуа амшын аҧшӡара зегьы.
Акофморт бзиа избо, зхазы акгьы иамеигӡо рзы «Риҵа» иамоуп ихарку акатегориа иаҵанакуа аномерқәа. Урҭ зыда ҧсыхәа ыҟам атехникақәа рыла еибыҭоуп – ателевизор, архьшәашәага, абалкон ҧшӡақәа.
Асасааирҭа иамоу аномрқәа зегьы иреиӷьуп – Апрезидент иномер - уи х-уадак иҟоуп. Ҩба ашьҭаларҭақәа роуп, ахҧатәи – акабинет зцу асасдкыларҭа ауп. Апрезидент иномер аҟны зхаҭабзиара ҳараку аҩнымаҭәа ҩнагылоуп, «аҳ шьапыла дахьнеиуаз» хазы иҟоуп, зегьы ирыцку – уаантәи амшын агәы ухыҧшылоит. Абарҵа угыланы уанҧшуа ауп уи аҧшӡара еиҳагьы ианубо.

Асасааирҭақәа зегьы рҿы иҟоу амаҵзурақәа инарҷыданы «Риҵа» иалшоит асасцәа амаҵурақә хыхьқәа рыдгалара:iahtklub
• аеропорт аҟнытә атрансфер;
• ахатәы машьына ргыларҭа;
• асасааирҭеи амашьына ргыларҭеи рыдгьылҵакыра уахи-ҽни авидеохылаҧшра аҭара;
• ахатәы ҵәахырҭатә камера;
• амаҭәа рыцқьарҭа, аӡәӡәарҭа маҵзурақәа (уа иҟу рҭахрала).

«Риҵа» шәахьыҩноу аномер изҵазкуа акатегориа зеиҧшразаалак, шаҟа мшы шәыҟазаалак шәара шәуада есыҽны еилырганы, ианаамҭоу аиара маҭәа, ампахьшьқәа ҧсахны, ахалаҭи, ашьап ҭарсқәеи инадыркны аҽыкәабараҿы иаҭаху зегьы рыла шәеиқәыршәара ҳара иҳалҳаршоит.
Аҭаҭын иамыхо рзы асасааирҭа аҩныҵҟа иҟоуп аномер ҷыдақәа, уаҟа иҩнарҵо аҭаҭын иамыхо роуп.
Шәара заа иалшәхуа аномер аҿы иҟазарц ишәҭаху рзы адырра ишәҭарц шәылшоит администратор, уи илшо зегьы ҟаиҵоит шәара шәыҧсшьара шәгәы иақәшәо акомфорт ала ахгара алыршаразы.
Аҧсныҟа шәаара ахықәкы амшын ахықәан активла аҧсшьара акәзар, Аҟәа иаангыло шәзы асасааирҭа «Риҵа» зегьы иреиӷьу авариантқәа ируакуп.
Амшын аҭаларазы асасааирҭа аҟнытә мыццакрада 5 минуҭк рыла унеиуеит. Араҟа амшыни, уи аҿықә ҧшӡеи рнаҩсангьы агәырҿыхагақәа иҵегьы ирацәоуп: адискотека, абоулинг, иара убас аиахт-клубгьы.
Аҟәа аҭоурых архитектуратә баҟақәа рахь аинтерес аазырҧшуа рзы асасааирҭа «Риҵа» акыр иманшәалоу аҭыӡҭыҧ иабзоураны анхаразы зегьы иреиӷьу ҭыҧуп. Асасааирҭа аусзуҩцәа шәара шәгәыхәтәы хада шәахьыгӡаразы ишәзаҧырҵоит аҩны шәыҟоушәа еиҿкаау акомфорт.