Гостиница Рица

Асасааирҭа аҭоурых

risa-staroeАҟәа иҟоуп уамашәаӡа иҧшӡоу ахыбра, аҧшаҳәа, ақалақь зегьы иблахкыганы иҟазҵо – уи уаанӡа зны «Сан-Ремо» ҳәа ахьӡ змаз асасааирҭа «Риҵа» ауп. Избан абри иамоу ахьӡ аҿы изаанҿаси иара авторцәа? Афранцызи аиталиа культуреи рхаҿра алкааны изныҧшуа иҟоу, еилаарцыруа иааҧшуа, аҧшаҳәа архитектура иманшәалоу изҿыҧшыша стильны ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа ицоз аобиектқәа рыргылара аан. Ус шакәу азы шаҳаҭра руеит Ницца, Монако, Сан-Ремо рҿы хыҧхьаӡара рацәала иуҧыло асасааирҭа «Риҵа» еиҧшу ахыбрақәа.

Асубтропикатә ҧсабара абеиара, иблахкыгоу аиаҵәара иҭалаҳау Аҟәа, ҧшшәы рацәала еилаарцыруа амшын асеиҧш ишкәакәоу ахыбра азы иҟалеит ахаҿра хазырҭәаауа сахьа џьашьахәны, иҧшӡоу ахаҿы хоуп амшын ахь. Акәакьҭа хыркәшоуп иахагылоу акупол ҧшӡала, аганқәа ҩычоуп ҭырҿҿарала ихырку абаральефқәа рыла. 1914 ш. иргылаз ари асасааирҭа ахыбра шәышықәса шҵхьоугьы иахьагьы иаанхоит Аҟәа асимволқәа ируакны.
Асасааирҭа аргылара ихьӡ адҳәалоуп абырзен ргылаҩ Христофор Спанакис (урыс бызшәала уи Христофор Спанаки ҳәа ишьҭоуп). Спанакис аҩбатәи аҭуџьарцәа ргильдиа датәын, абна ааглыхратә рҿиара инапы алакын, уи архитектуратә ргыларақәа аҧара маҷымкәа азоужьра ахәҭаны иҧхьаӡон. Ари ахыбра аргылара ахыркәшара Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагоит. Ари 1914 шықәса акәын, уи ашықәс иҧшӡаӡоу даҽа хыбрак аартрагьы иақәшәоит, ара зыӡбахә ҳамоу иахьа Аҟәа ақ. Ахадара зыҩноу аҩны ауп. Аамҭак азы уа иҟан Ақалақь Асовет, иара ахаҭа аргылара зыбзоуроу С. Стефаниди ҳәа иҟаз даҽа бырзенк иоуп. Аибашьра иаламгазҭгьы, аргыларақәа ицоз иҵегьы ирыцырҵон, Аҟәа ақ. иахьа ишыҟоу аасҭа иҵегьы иҧшӡахон.
Усҟан «Сан-Ремо» ҳәа иаартыз асасааирҭа ақалақь иаҭаауа асасцәа рыҩнаҵаразы иаман 25 уада инаӡоз аномерқәа, актәи аихагыла аҟны иаартын усҟантәи аамҭазы зегьы иреиӷьуп ҳәа иҧхьаӡаз аҭхаџьырҭа «Биржа». Аибашьра аамҭа иацыз ауадаҩрақәеи аҽыҧсахрақәеи ирыхҟьаны абырзенцәа, иара убас Аҟәа инхоз амал змоу егьырҭ ауаажәларрақәа рхаҭарнакцәеи аӡәырҩы ақалақь иалҵны ицар акәхеит.
1915 ш. азы рмазара зегьы ҭины иқәҵны ицеит абырзен Христофор Самуриди иҭаацәарагьы. Уи ихьӡ рыдҳәалоуп Аҟәа иргылаз акыр зҵазкуа ахыбрақәа маҷымкәа. Самуриди иргылеит акупол зхагылаз ахыбра ҧшӡа, уаҟа акыр аамҭа иҩнан Аҧснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет, иара убас ихьӡ зху атеатр, уи ара еиҳа ирдыруеит Вл. Ленин имҩаҿы игылаз акинотеатр «Аҧсны» ҳәа зхьӡыз акинотеатр, Лакоба имҩаҿы игылоу абанк ахыбра, уаантәи иаатуан Аҟәа аҧшӡарақәа зегьы, иара убас егьырҭ аобиектқәа. Ахыҵра рхы азыркит Спанакис иҭаацәарагьы. Урҭ дара рмазара хазына хада – асасааирҭа «Сан-Ремо», иаадырхәеит Веодорос Балтиаджис захьӡыз даҽа бырзенк. Иара ара зегьы дырдыруан аргылара абригадир иаҳасаб ала, инапхгарала Қәҭешь, Тифлис, Армавир ақалақьқәа рҿы аобиектқәа рацәаны идыргылахьан. Феодорос Балтаджис далахәын, иара убас, Тҟәаҧс – Баҭым ҳәа зхырхарҭа ыҟаз аихамҩа аргылара. Уи аргылара ианалагоз аамҭеи актәи адунеитәи еибашьра аналагаз аамҭеи еиқәшәеит аха иара аргылара еиҭа ажәашықәсақәа акыр ирыдхалеит.defaulxft
Бадтаджис дызҿыз аргыларатә усқәа ирыбзоураны аҧара маҷымкәа ирҳаит, иара шьҭа илшон «Сан-Ремо» еиҧш иҟаз аобиект дук аахәара, уи анаҩсангьы ари акыр изықәҿиоз анаплакҩы Гагреи Иалтеи иааихәеит авиллақәа ҩба. Асасааирҭа «Сан-Ремо» усҟангьы аҵак ду аман, амҽхак ҭбаан, уаҟа Аҟәа инхоз абырзенцәа лассы-лассы акыр зҵазакуаз аусқәа мҩаҧыргон, иара убас атәылаҿы, иара анҭыҵгьы имҩаҧысуаз аполитика ду иадҳәалоу еиуеиҧшымыз аҿцәажәарақәеи алацәажәарақәеи.
1917 ш. Урыстәыла аҳәынҭқарра рнапаҿы иааргоит абольшевикцәа, Қырҭтәыла ахатә мал аихшара иалагоит. Амчра иахагылаз ақырҭ меншевикцәа реиҳабыра ақыҭанхамҩатә дгьылқәа аагылхара аҳәынҭқарра иарҭеит. Амала ахатәы обиект маҷқәа змаз ирыламкьысӡеит.
Мҽхакы ҭбаала аиҭакрақәа ирылагеит Жәабран мза, 1921 шықәсазы. Усҟан Қырҭтәыла иҟаз аиҳабыра ахҳәаны асовет мчра шааиз рылаҳәан, Хәажәкырамза 4 инаркны ахатә мал ду иҟаз зегьы аҳәынҭқарра абанкқәа ирҭаз аҧара зтәыз ирымхны аҳәынҭқарра иатәны иҟарҵеит.
Абас ицоз аусқәа ирыхҟьаны Феодорос Балтаджис имаз ихатә мал зегьы ицәыӡит, 200.000 хьтәы ҧарала абанк изалазгьы уахь иналаҵаны. Уаҳа уи аргылаҩ ду алакҭа дҭадмырҧшӡеит инаигӡахьоу аргыларатә усқәа рзы иоураны иҟаз аҧара дуӡӡагьы. Абас ихатә мал иахьазныҟәаз атәылаҿы Балтаджис уаҳа дзаанымгылеит, Бырзентәылаҟа дцарц иӡбоит.
Аҟәа инхоз амалуаа ирымырхыз аобиектқәа зегьы абольшевикцәа еимырҵәеит. Амалуаа ақалақь аҿы ирымаз акафеқәа, аҭхаџьырҭақәа, асасааирҭақәа урҭ злархиаз аҩнымаҭәақәа, хәы змаз амаҭәарқәа, иара убас урҭ рхатәы маҭәахәқәа уҳәа зегьы рымкәкәааны иргеит. Асасааирҭа «Сан-Ремо» аҿы инханы иҟаз аҧшәма акыр иаҧсаз ихатәы маҭәахәқәа зегьы уи акәхеит разҟыс ироузгьы.
Рацәак хара имгакәа ари ахыбра иаҭаауа иалагеит ақалақь асасцәа. Асасааирҭа уи нахыс уаанӡа еиҧш хархәара арҭо иалагеит. Амшын аҟәараҿы илеи-ҩеиуа зыҧсы зшьоз, аҧсабара аҧшӡара еигәырӷьоз, амшын агәеисыбжь иазыӡырҩуаз, зыфҩы лаҳа-лаҳауа иааиуа акаҳуа бзиа ибаны иаҿыхәоз ари ахыбра ҧшӡа аҧшәмеи, асасааирҭа зыргылоз ауааҧсыреи рацәак рхахьы иааргомызт.
Уажәшьҭа амшын аҿықәан ауаа рацәа еилаҧса ҧсшьара изҭаауаз асасааирҭа ҧшӡа иааҧшуан, уи ахыбра акәакьҭақәа руак аҿы аҩналарҭа ашә ҿан, уа ҿыц иаадыртит «Ахәыҷы ицхыраарҭа» ҳәа амаҵзура. Ари асасааирҭа аномерқәа рҿы, уи аахыс зықьҩыла адунеи зегь аҿы еицырдыруа ауаа рыҧсы ршьон. Асасааирҭа ус ишааиуаз Аҟәа ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа иара убас акультура абогемақәа арҿиара ргәы азыҳәо иҟазҵоз хыбран иҟалеит.
1924 ш. адунеи зегьтәи апролетариат рвожд данҧсы амцабз зыхҟьоз ажәахә ҟаиҵеит Лев Троцки. Усҟан уи Аҟәа дыҟан, агаҿахь ихаз асасааирҭа «Сан-Ремо» абарҵа аҟнытә Ленин иҧсра иазкыз иажәахә иҳәеит. 1930 ш. ари асасааирҭаҿы лыҧсы лшьон апоетесса Мариетта Шагиниан.
Аҟәа аҭоурых Урыстәыла аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Атәыла зегьы аҿы ауаа рнырҵәара иатәыз аҧҟарақәа аус аныруаз, гызмалрыла дыршьит Аҧсны анапхгаҩы Нестор Лакоба. Ари ахҭыс ҟалеит 1936-1937-тәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟа, убасҟан ҳҭоурых аҿы зегьы раасҭа ицәгьаз аамҭа ҳанҭагылеит. Асасааирҭа «Сан-Ремо» ахьӡ иҟаз аҭагылазаашьа аныҧшит. 1938 ш. асасааирҭа ахьӡ «Риҵа» ҳәа ирыҧсахит. «Сан-Ремо» ҳәа изныз акыдҩылара кыдхны «Риҵа» ҳәа зныз кыдырҵеит.
Хыҵхырҭақәак рҿы 1929 ш. рзы Аҟәа агаҿаҿы игылаз асасааирҭа ахьӡ «Риҵа» акәын ҳәа иарбоуп. Ҿыц амчра знапаҿы иаазгаз акоммунисттә партиа анапхгаҩцәа уаанӡатәи асасааирҭа иадҳәалоу ахҭысқәа угәалазыршәаша зегьы наҟ идырӡуан.
Асовет мчра аамҭақәа рзы Аҧсны иҟаз ари асаааирҭа акыр аамҭа аус ауан капиталтә рҽеирак азырмуӡакәа. Ахыбра 70 шықәса анахыҵ, еиҭарҿыцтәуп ҳәа аӡбара рыдыркылеит. Аргыларатә усқәа шьаҭанкыла иҧсахтәын, избан акәзар акыр шықәса амҿтәы ҭӡамцқәа агаҿа аҳауа ӡлачы зхыҵуаз иарбааит, ахыбраҿы рҽеизыргеит аҳәынаҧ хәыҷқәеи аҳәынаҧ дуқәеи.
Асасааирҭа 70 шықәса ахыҵразы еиҭарҿыцны иаартын. Уажәы ахаҿы аҧсахит: иқәыргеит абалкон-веранда бзиаӡа, агаҿала ишшәырӡа иҟаз арӷәӷәагақәа зҵагылаз. Абалкон амшын аҿықәаҿ ишьҭоу ажәларқәа зегьы рҿы иуҧыло аекзотикатә ҵиаақәа рыла иҭалаҳан ишыҟоу еиҧш иҟан. Уажәшьҭа уи еиҧшу, убла хызкуаз ахаҿра ахыбра ианубааломызт. Иара убас ирчаҧеит аҭхаџьырҭа акәакьҭа аҟны иамаз аҩналарҭа, уи нахыс ахыбра аҩныҵҟа иҟаз алахҿыхрагьы ыӡит. Раҧхьа ахышәқәа зегьы амодерн иазааигәаз астиль ала иҟаҵан, асасааирҭа арҿыцра аан, урҭ рхаҭыҧан аметаллых хышәқәа, зынӡа изырҩычоз ҳәа акгьы иалаҟамыз иахьатәи арамақәа рыла ирыҧсахит.
Арҿыцра аан иқәыргеит ахыб иҩычаны иаҵдаз арешеткақәа, ахыбра аҧштәы шкәакәа ихәышлаҧсаӡа иҟарҵеит.
Асовет мчра анеилаҳа, асасааирҭа «Риҵа» зынӡа ихыбгаларц маҷк ауп иагхаз. 1992 ш. ҽаҩраҭагалан зцәа азна ижәны иҟаз ақырҭ солдаҭцәа асасааирҭа амца ацрарҵеит, ахыбра зегьы блит: акупол алыҩрны иҟаҳаит, аҭӡамцқәа заҵәык роуп иаанхаз.
Асасааирҭа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2001 ш. азы Ианырблы инаркны 15 шықәса рышьҭахь, 2007 ш. азы асасааирҭа «Риҵа» еиҭа иаартын. Асасааирҭа аҩынтәтәи аиҭаира ихьӡ адҳәалоуп аҧсуа наплакҩы Беслан Быҭәба, иара убас афирма «Чагьам – 2000».
Ҧхьаҟатәи аплан аҿы иарбоуп СПА асалони, аӡҭарчы, аконференц-зали рыглара. Асасааирҭа «Риҵа» ақалақь архитектуратә баҟак аҳасабала маӡала иҭәу даҽа романтикатә ҟазшьакгьы амоуп – иара иахьа ақалақь аҿы инхо ауааи 100 ш. рышьҭахь инхоз ауааи еимаздо акәны иҟоуп.
2014 ш. асасааирҭа 100 шықәса ахыҵуеит.