Гостиница Рица

Асааирҭа «Риҵа» ааигәа иҟоу аҭыҧ лыҧшаах ҷыдақәа

2721Аҟәа ақ. аҿы иҟоу асасааирҭа «Риҵа» - ари асасцәеи атуристцәеи зегьы раасҭа бзиа ирбо ҧсшьарҭа ҭыҧуп. Ҩнымаҭәа хыркыла ирхиоу ари асасааирҭа егьырҭ ирылукаауеит аамҭа иақәшәо иҟоу астиль ала, амаҵзура ҳараки, аномерқәа ринтериери рыла, иара убас, зегьы раасҭа ихадароу – уи иманшәаланы, аидеалра зныҧшуа иҟаны иазылху аҭыӡҭа ҭыҧ ауп. Асасааирҭа «Риҵа» ҭоурыхла ибеиоу аҧшаҳәаҿы игылоуп, ҩ-минуҭк рыла уазнеиуеит иҧшӡаӡа, иҧхаӡа иааҧшуа амшын.
Иззымдыруа шәзы – Амҳаџьырцәа рыҧшаҳәа – ари Аҟәа апроменад Хада ауп. Амҩа зегьы аҵиаа лыҧшаахқәа рыла иҭалаҳауп: аевкалиптқәа, аҧсақәа, аолеандрақәа. 1914 ш. азы асасааирҭа аргылара иалгеит, аҧшаҳәагьы уи ашықәсан иаҧҵан – арҭ, ииашаҵәҟьаны, аҭоурых ду змоу ҭыҧқәоуп, иаҭаауагьы иара зыҧсоу ахәшьара ду арҭоит.
Аҳәара уадаҩуп, раҧхьа зыӡбахә ҳәатәу – Аҟәа аҭыҧ лыҧшаах ҷыдақәа ракәу, мамзаргьы иара асасааирҭа ахаҭа аӡбахә акәу, избан акәзар, иара асасааирҭа ахаҭагьы илҧшааху аҭыҧ ҷыдақәа рахь иаҵанакуеит. Ари акыр зхыҵуа, хҧаны еихагылоу хыброуп. Иара аҩныҵҟа иҟоуп иахьатәи аамҭазы зыҧсшьара аамҭа зхызго зыда ҧсыхәа имам зегьы: аинтернет-кафе, азлара акафе, европатәи амилаҭтәи ҭхаџьырҭа ҭыҧқәа.


Асасааирҭа «Риҵа» амшын ихықәгылоуп, авара иҟоуп аҧсуа драматә театри, иара убас, зегьы еицырдыруа иҟоу Аҟәатәи афонтани. Уаантәы минуҭктәи аныҟәарала унаӡоит ахыбра ҧшӡа «Урыстәыла» аҿынӡа – ари аҳцәа ианраамҭазтәи асасааирҭа ауп, иара иахьагьы кьыс амаӡамкәа еиқәханы игылоуп.
Ааигәа иҟоуп Адиоскурцәа рыҧшаҳәа, уаҟа иуҧылоит зеиҧш ыҟам аҭыҧ лахҿыхқәа: акафе, аҭхаџьырҭа, адискотека, абарқәа уб.иҵ. Ус анакәха, асасааирҭа «Риҵа» амҵәыжәҩақәа руак еицырдыруа аҧшаҳәа иазырхоуп, егьи – акыр иҧшӡоу, иуникалтәу Леон имҩаду.
Асаааирҭа «Риҵа» аҟнытә хабалак унапы наӡоит.
Умццакӡакәа, шьапыла, хә-минуҭк рыла унеиуеит зеиҧш адунеи аҿы иҟам Аботаникатә баҳчаҿы. Асасааирҭа иацәыхарамкәа адәқьан рацәа, аинтернет-кафе, амаҭәа рыцқьарҭақәа ыҟоуп. Асасааирҭа «Риҵа» - Аҟәа агәеисырҭа ҭыҧ ауп, аҿари, аҭаацәарақәеи активла амра рҽаҭаны рыҧсы ахьыршьаша идеалтә ҭыҧуп, иара убас аус знапы алаку рыбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразгьы. Аӡҭаларҭатә ҿықәгьы асасааирҭа иацәыхараӡам. Уи аҟәара акыр иссоу абӷанҷ ала ихыбуп. Асасааирҭа аҟнытә ҩбаҟа минуҭ рыла аҧсшьацәа неиуеит аиахт-клуб «Аҧра» аҟны, уа урҭ арендла агара рылшоит акатер, мамзаргьы аиахта. Асасааирҭа «Риҵа» аҟнытә 20 минуҭ уныҟәаны унеиуеит аӡыхь «Мархьаул» ахыҵхырҭаҿы, уи аӡыхь иамоу ахәшәтәратә ҟазшьақәеи, ахырҳагарақәеи ауаа ибзианы ирдыруеит.
Ажәакала, ари аҭыҧаҿы иаанҿасыз дзырманшәало рацәоуп, араантәи хабалакь унапы наӡоит, еиҳарак ари заамҭа аныҟәара мацара ақәырӡра зҭахым рзы иманшәалоуп.
Аинтернет хәыда-ҧсада.
Ҳахыццакуеит ажәабжь бзиа шәаҳәара!
Асасааирҭа «Риҵа» адгьылҵакыра зегьы аҿы, асасааирҭа аномерқәа зегьы рыҟны аус аура иалаҳаргеит хәыда-ҧсада зусура ҧкым Wi-Fi аинтернет!
Уажәшьҭа ҳара ҳасасцәа ирылшоит рхатәы, мамзаргьы русурҭа апочта агәаҭара, иара убас ахәыҷқәеи дареи рыҧсы ахьыршьо Аҧсны иҭырхуа афотосахьақәа, ма Аҟәа аҩныҵҟа рныҟәарақәа, аекскурсиақәа авидео ҭыхымҭақәа аинтернет аҭагалара, ҳақалақь ҧшӡаҿы шәыҧсшьара шцо азы шәгәаанагарақәагьы рыҩра шәылшоит ҳсасааирҭаҿы шәзыҩноу аномер шәдәылымҵӡакәа, аинтернет-клубқәа, мамзаргьы аинтернет-кафеқәа рыҧшаара хазы аамҭа ақәмырӡкәа.