Гостиница Рица

Аҟәа иҟоу асасааирҭа «Риҵа» - ХХ ашәышықәса алагамҭазтәи Аҧсны асимвол

sukhum ritsaАҟәа аҧшаҳәа хадаҿы игылоуп асасааирҭа «Риҵа». Ахыбра ахатәы ҭоурыхтә легендақәа амоуп, уи уаанӡатәи Аҟәа ахаҿра ҳзырбо асахьаҭыхыҩцәа, акомпозиторцәа, ашәҟәыҩҩцәа рмуза аазыртуаз сасааирҭаны иҟан, ара иаанҿасхьан имаҷымкәа еицырдыруаз ауаа. Асасааирҭа изныкымкәа ахьӡ аҧсаххьеит, иара убас аҧшәмацәагьы, ус егьа иҟазаргьы, уи ахьӡ еснагь иадҳәалан амшын аҧшаҳәаҿы аҧсшьарҭа бзиаӡа.

«Риҵа» аромантикала иҩычоуп, асасааирҭа адәахьтәи аҧшра, архитектура лыҧшаах Аҧсны зегьы реиҳа иҧшӡоу хыбраны иҟарҵоит. ХХ ашәышықәса иамаз ахыҧша иахьагьы ирнубаало иҟоуп здаҟам апартаментқәа, иамаз ахыҧша ду атәы рҳәоит еиқәханы иҟоу архитектура ахәҭақәа. Ахыбра шкәакәа амра шәахәа аҽылаҳәаны аҽакәабошәа ауп ублаҿы ишааиуа.

Аргылашьа еиҿкаауп шьыжьы инаркны аномер амра ашәахәа ҟәымшәышәқәа ҩнаҧхартә еиҧш, амшын аҟнытә иааиҧмырҟьаӡакәа иасуа аҧша зҩыда Амшын Еиқәаҿы аҧсшьара иацу ахазынарақәа зегьы уцәа ианыруа иҟарҵоит.
Асасааирҭа «Риҵа» 1914 шықәса инаркны Аҟәа ахаҿра хада акәны иҭрыжьуаз аткриткақәа рҿы ианырҵон. Асовет мчра ашықәсақәа рзы уи ахыбра знык адамхаргьы иҭацәны иҟамлацызт, убри аҟнытә араҟа ирзымҩаҧгомызт акыр зҵазкуаз аиҭашьақәыргыларатәи, шьҭанкылатәи аусурақәа. Ааигәа ауп «Риҵа» аҧштәқәа ҿыц убла хыркуа ианааты. Уажәы иара асеиҧш ишкәакәоу аҧштәы аҽылаҳәаны, абаральеф шшәырқәа убла хыркуа ақалақь, аинтерес зҵоу рхатәы ҭоурых урҭгьы аинтерес зҵоу рхатәы ҭоурых рымлоуп, иргәылҷҷаауа игылоуп иҽырбо.
Асасааирҭа аҟнытә шьаҿақәак рнаҩасан ишьҭоуп ақалақь еибаркны изку зегьы. Ара иҟоуп: аҭхаџьырҭақәа, акафе, ахәыҷқәа рзы илахҿыху агәҭылсақәеи ашҭақәеи, аӡрыжәтә аахәарҭа ҭыҧқәа атранспорт. Акыр иааигәоуп иблахкыгоу Аҟәа аҭоурых иатәу аҭыҧ ҷыда хадақәа: атеатр, амузеи, аботаникатә баҳча. 50 м. ауп асасааирҭеи аҧшаҳәеи, аҧслымӡи абӷанҷ ссеи рыла ихҟьоу амшын аҿықәи ирыбжьоу. Аӡҭаларҭа ҭыҧи амашьына аргыларҭа ҭыҧи рыхәҧса апутиовка ахәҧса иалоуп.
Ақалақь иаҭаауа асасцәа рзы асасааирҭа иамоуп ибзианы ирхиоу, аинтериер ҧшӡала иҭалаҳау аномерқәа. «Риҵа» иамоу 22 номер рҿы 42 ҭыҧ ыҟоуп, ауадақәа рӷьырак рхышәқәа амшын ахь ихоуп, абарҵақәа хазы ирымоуп. Дасу ииҭаху алихратәы уа иудыргалоит апрезидент изы апартаментқәа, ҩ-ҭыҧк змоу 11 номер, алиуксқәа 7, ҭыҧк змоу аномерқәа 2. Асасааирҭа иамаӡам иарҭа заҵәык ала хазы ирхиоу ацәарҭа аномерқәа, аха асиут-лиуксқәа рҿы асасдкыларҭа иамоуп ахәыҷқәа рзы ацәарҭа ҭыҧ ҷыда – иманшәалоу адиуан. Уи ада ҧсыхәа аныҟам азы ара иҟоуп акаруаҭ-ҭарчы.

Астандарт номерқәа ирымоуп: иахәҭоу аҩнымаҭәа, архьшәашәага, ӡыла амассаж узыҟазҵо аҽыкәабарҭа кабина, абиде змоу асанузел, аӡы ҧхеи аӡы хьшәашәеи рҽеиҭныҧсахло. Алиукс иатәу аномерқәа рҿы иаанҿасуа рымаҵура иацҵоуп аҩнымаҭәа ҟәымшәышә, ателевизор, ахолодильник, абар хәыҷы, аҭел. Алиуксқәа зегьы амшын ахь иҧшуа абарҵақәа рҿаҟаҵоуп. Асасааирҭа аномерқәа зегьы иҧшӡоу, икамфорту аинтериер иҭалаҳауп: аторшерқәа, аҩнымаҭәа ахҟьа ҧшӡақәа ахатәы ҩнаҿы иҟоу аҭагылазаашьа аҧырҵоит.
Апрезиденттә номер иамоуп асасааирҭеи ацәарҭа уадақәа ҩбеи. Араҟа хыхь еиқәыҧхьаӡаз инарҷыданы иҟоуп аишәа, ақәҩырҭа астол, иҟоуп иахьа аимадара ахархәагақәа зегьы. Ҩ-ҭыҧк змоу алиуксқәа ирымоуп ацәарҭа ауада, асасааирҭа, абарҵа, асанузелқәа ҩба. Асасааирҭа аномерқәа зегьы еиқәыршәоуп аҽырҧшӡара иатәу ахархәагақәа рыла (афен, ацәырбага ампахьшьы, аҽыкәабаратә ҧхьарҟьа). Есымша урҭ зегьы еилдыргоит.
Асасааирҭа ахыбраҿы иҟоу аҭхаџьырҭқәа ҩба рҿы асасцәа ирыдыргалоит згьама бзиоу аҭыҧантәи, европатәи афатәқәа. «Сан-Ремо» - ара дзышьцылоу афатә еиҳа еиӷьазшьуа изы аус зуа ҭхаџьырҭоуп, «Ақьафурҭа» аҿы ҳамҭас асасцәа ирыдыргалоит згьама ҳараку,асас изы иҿыцу аҧсуа фатәқәа. Асасцәа ргәы иақәшәо аус ауеит азларақәа ркафе «Ацхаршәы». Асасааирҭаҿы иаҧуп шьыжьхьа асас иуадаҿы изнагара. Ар амаҵура аанҿасра ахәҧса иалоуп.
Асасааирҭа «Риҵа» ашықәс зегьы аус ауеит. Ахәыҷқәа араҟа рышьҭаҵара алзыршаша аҭагылазаашьа аҧҵоуп. Асасааирҭаҿы ахәҧса хыхь ашәарала иудыргалоит атрансфер, аекскурсиа амҩаҧгаҩы, аекскурсиа аиҿкаара реиҧш иҟоу амаҵзурақәа раиура.